Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳагԥҳа Аԥсуа-абаза конгресс аекологиа апроект иазкны

Sputnik
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркит аекологиа азҵаарала ашколхәыҷқәа разыҟаҵаразы апроект ҿыц. "Ақалақьи ақыҭеи рекологиатә проблемақәа: иҳаӡбар шԥалшо?" ҳәа иаԥшьгоу апроект еицымҩаԥыргоит Аконгресс ахаҭарнакцәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы еиҳабы, аекологиеи аԥстәқәа рморфологиеи акафедра аметодист Маиа Цыбулевскаиеи.
Апроект иаҵанакуа, ахықәкы, ишымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа.
Ҳазҭоу ашықәс азы хадаратәла ақыҭашколхәыҷқәа рзы иазгәаҭоуп 14 тренинг. Раԥхьатәи мҩаԥган Драндатәи абжьаратә школ аҟны.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.