Аԥсны

Фазиль идунеи аҟынтәи: РУСДРАМ аҟны Искандер ииубилеитә хәылԥазы

Sputnik афотолентаҟны - Фазиль Искандер ииубилеи иазкны РУСДРАМ имҩаԥгаз ахәылԥаз аҟынтәи иаҳа иалкаахаз.
Sputnik
Фазиль Искандер диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит хәажәкыра 5 рзы РУСДРАМ.
Ахәаԥшцәа идырбан "Широколобый", "Софичка", "Кролики и удавы", "Игроки", "Рассказ мула старого Хабуга". Иара убас, аспектакль анаҩсгьы асцена аҟынтәи иааҩуан Искандер ипоезиа, иара иашәақәа, ашәҟәыҩҩ иԥсҭазаареи ирҿиареи аҟынтәи ацитатақәа.
1 / 12

Фазиль Искандер диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит РУСДРАМ.

2 / 12

Ақәыргыламҭақәа ирылахәын атеатр атруппа зегьы.

3 / 12

Ахәаԥшцәа идырбан Искандер иҩымҭақәа ирылху хә-спектакльк рцыԥҵәахақәа.

4 / 12

Ашәҟәыҩҩы 95 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы иқәыргылан "Широколобый", "Софичка", "Кролики и удавы", "Игроки", "Рассказ мула старого Хабуга" рцыԥҵәахақәа.

5 / 12

Фазиль Искандер иҩымҭа ацыԥҵәаха даԥхьеит актриса Милана Ломиаԥҳа.

6 / 12

РУСДРАМ – Искандер иҩымҭақәа ирылхны аспектакльқәа ахьықәдыргыло театруп.

7 / 12

Асцена аҟынтәи иааҩуан Фазиль Искандер иажәеинраалақәеи урҭ ирылху ашәақәеи.

8 / 12

Иара убас, ашәҟәыҩҩ иԥсҭазаареи ирҿиареи аҟынтәи ацитатақәа.

9 / 12

Лиупчо Спасов "Широколобый" аспектакль аҟны.

10 / 12

Цыԥҵәахацыԥхьаӡа иара ахатәы декорациа аман.

11 / 12

Ахәаԥшцәа алшара бзиа роуит уахыкала хә-спектакльк абара.

12 / 12

Аиубилеитә хәылԥазы – ари Фазиль Искандер иреиҳаӡоу аҩаӡарахь ихалара иазку спектакльуп ҳәа ахиҳәааит атеатр аиҳабы Иракли Хынҭәба.