Аԥсны

Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит.
”Шәара ахацәа шәнарывагыланы аибашьра иаанагоз ауадаҩрақәа шәырҿагылон. Шәара иаашәырԥшыз агәымшәара, ахымшаҭара ракәмызҭгьы иахьа ихьыԥшым исуверентәу аҳәынҭқарра зыҟаломызт", – ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ахьчаҩцәа зааӡаз анацәа рроль. Ареспублика иқәынхо аҳәса зегьы ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, агәабзиара, аманшәалара, анасыԥ.