Аԥсны

Аԥсны ахаҭарнакцәа Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль арегионалтә программа иалахәхоит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥснытәи жәахаҩык аҿар Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль арегионалтә программа иалахәхоит. ⠀
Хәажәкыра 10 инаркны 17 рҟынӡа дара хымш Москва иҟазаауеит, нас урыстәылатәи ақалақьқәеи арегионқәеи рахь ицоит:
Валери Берзениеи Викториа Прусенковеи — Волгоградтәи аобласт ахь;
Жанна Аииԥҳа — Челиабинсктәи аобласт ахь;
Беслан Аршба — Ставропольтәи атәылаҿацә ахь;
Игнат Копилов — Белгородтәи аобласт ахь;
Херсон Симониеи Мрана Блабԥҳаи — Курсктәи аобласт ахь;
Ҭенгиз Оҭырба — ЛЖәР ахь;
Инал Адлеибеи Арина Чагәааԥҳаи — Ҟрымҟа;
Гьаргь Џьопуеи Дариа Хорошихи — Севастопольҟа;
Алиона Заикина — Санкт-Петербургҟа.