Аԥсны

АдәАР иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Аԥсны аинформпроектқәа аԥара рырымҭаларц аҳәамҭа ҟарҵеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит мраҭашәаратәи аусбарҭақәа ареспубликаҿы аинформациатә проектқәа рфинансркра иаҟәыҵырц. Абри атәы аанацҳауеит АдәАР Амедиацентр.
Аминистрраҿы иазгәарҭеит UNDP USAID-и дареи еицымаҧырго апроект "Аҭышәынтәаларазы апартниорра" ахықкқәа мап рыцәкразы ирыдыз адҵа шынармыгӡаз, аԥара ззыршо аԥснытәи аинфохыҵхырҭақәа рсиа шцәыррымгаз.
Уажәазы апроект аҿы Аԥсны Аконституциа иаҿагылоу атерминқәа "аоккупациа зызуу аҵакыра", "аҵакыратә акзаара аиҭашьақәыргылара" ԥсахуп.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәаанагарала, уи аҩыза зыҟарҵо америкатәи аусбарҭақәа UNDP аҿаҧхьа идыргыло адҵақәа рхықәкы хадақәа рыҵәахразоуп", — ҳәа ануп аҳәамҭаҿы.
АдәАР UNDP ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара амандат иаҵанакуа агуманитартә проектқәа рҳәаақәа ирҭымҵларц.