Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кара-Осман-оӷлыи Ҳашыгԥҳаи Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иазкны

Sputnik
Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль мҩаԥысуан Шәача, Сириус хәажәкыра 1-7 рзы. Уи иалахәын 20 000 рҟынӡа аҿар адунеи аҵакырқәа зегьы рҟынтәи. Аԥснынтәи иҟан100-ҩык инареиҳаны ахаҭарнакцәа. Зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатә аҟны ҳҿар рхы шаадырԥшыз, иааидкыланы афестиваль шымҩаԥысыз, ргәалашәараҿы иаҳа иаанхаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷли афестиваль иалахәыз Сариа Ҳашыгԥҳаи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.