Ихыркәшоуп ареспубликатә фестиваль "Аԥхьарца". Инеиԥынкылан акыр шықәса уи иалахәуп лӡаатәи ансамбль. Даур Ԥарлиа еиҭеиҳәеит сынтәатәи афестиваль аҷыдарақәа ртәы, ашкол аҿы ансамбль аиҿкаара шалыршахаз.
"Ансамбль аиҿкааразы аусурақәа ирылаган 1998 шықәсазы, аха раԥхьаӡа акәны асценахь ицәырҵит 2000 шықәсазы. 24 шықәса ҵуеит еиԥҟьарада ашкол аҿы аоркестр еиҿкааны иҟоуижьҭеи. Иахьа апрограмма шьақәгылоуп еиуеиԥшым аԥсуа ашәақәа рыла, иара убас Нхыҵ-Кавказтәи амелодиақәеи ҳџьынџьуаа инарыгӡои рыла, иааидкыланы 10-15 рҟынӡа", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ԥарлиа.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист иажәақәа рыла, есышықәса афестиваль ахь иргоит иҿыцу ашәақәа, ахәаԥшцәа иргәаԥхартә еиԥш.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.