Аԥсны

2023 шықәсазы Аԥсны ахәаахәҭратә еикәыршара 23% рыла ишьҭыҵит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. 2023 шықәса аҩнуҵҟа Аԥсны ахәаахәҭратә еикәыршара 23% рыла ишьҭыҵит, уи 49 миллиард мааҭ иартәеит. Абри атәы атәыла ахада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит Аҳазатә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.
Ииасыз ашықәс азы аекспорт амҽхак 5% рыла иазҳаны иартәеит 7,3 миллиард мааҭ. Аиҳарак ареспублика иалыргоит амҿымаҭәа, арыжәтә, афатә аалыҵ, ацитрусқәа, аба, аметалл.
Аимпорт акәзаргьы 2022 шықәса иаҿырԥшны 27% рыла ишьҭыҵны 41,693 миллиард мааҭ артәеит.
Аԥсны ахәаахәҭратә баланс асальдо ҵоураӡам, ари рбаган иҟоуп аиҳарак аимпорт тауарқәа шалырхуазы. Арахь иаҵанакуеит ахәшәқәа, афатәаалыҵ, аргыларатәии абылтәы-хьшьтәы материалқәеи ҳәа иҳәеит Хьециа.