Аԥсны

Инаԥҳа еиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аҿар рфорум аҟны зегьы дышрылыркаауаз

Sputnik
Хәажәкыра 1-7 рзы Сириус имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль хыркәшоуп. Уи иалахәын шәҩык рҟынӡа аԥсуа ҿар рхаҭарнакцәа, урҭ рыгәҭа дыҟан Саид Инаԥҳа — 120 шықәса нызҵыз ианду лабду Қәаҭ Кәыҵниа иаԥсуа маҭәа зшәыз.
Арадио Sputnik астудиаҿы Саид Инаԥҳа еиҭеиҳәеит афестиваль аҟны дышрылыркаауаз, иишәыз амаҭәеи Аԥсни рҭоурых шырзеиҭеиҳәоз.
Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аан еицырдыруа аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазацәа уҳәа алекциақәа мҩаԥыргон, агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауан, аделегациақәа досу ртәылақәа ӡырыргон, еибадыруан, аиҩызара рыбжьарҵон. Шәахәаԥш арадиосутдиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.