Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Гәымба Виачеслав Ешба изкны

Sputnik
Аԥсны Афырхаҵа, аԥырҩы Виачеслав Ешба иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы ихыҵуазаарын 75 шықәса. Иара иааигәаны дыздыруаз, Аԥсны аҳаирмчқәа ркомандаҟаҵаҩ Адгәыр Гәымба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Вичеслав Ешба иҟазшьақәеи, иусуреи, изанааҭи иадиҵахьаз иааԥсарақәеи ртәы.
Адгәыр Гәымбеи Виачеслав Ешбеи еибадырит аибашьра раԥхьатәи амш аҽны. Грозныи ақалақьынтә аҳаирплан абџьар ақәҵаны аагара ԥхьагылаҩс иамаз Виачеслав Аҳмеҭ-иԥа иакәын иҳәеит Гәымба.
"Аиааиразы иԥсгьы деигӡомызт, аӡәгьы деигӡомызт. Иара иуаҩра, ихаҵара, иԥсуара, акалашәа иҟан. Дызлагоз зегьы наигӡон", - иҳәеит Гәымба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Виачеслав Аҳмеҭ-иԥа Ешба диит 1949 шықәсазы.
1970 шықәсазы далгеит Москватәи аобласт аҿы иҟоу Егориевсктәи авиациа-техникатә ҵараиурҭа, 1973 шықәсазы - Кременчугтәи аԥырратә ҵараиурҭа.
1983 шықәсазы аграждантә авиациазы Ленинградтәи академиа. "Аҳауатә транспорт арныҟәцаразы анџьныри, "атранспорттә авиациазы актәи акласс змоу аԥырҩи" азаанаҭқәа иоуит. Аус иуан аграждантә ҳаирпланқәа рҟны аԥырҩыс, Аҟәатәи аԥырҩцәа ргәыԥ акомандирс дыҟан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иара инапхгарала еиҿкаан арра-ҳаиртә мчқәа. Аибашьраан Виачеслав Ешба 80 инарзынаԥшуа аԥыррақәа наигӡеит. Иааирԥшыз алшамҭақәа рзы ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.
1993-2003 шықәсқәа рзы Виачеслав Ешба Аԥсны Арра-ҳаиртә мчқәа рыдҵаҟаҵаҩс дыҟан, 2003-2005 шықәсқәа рзы - Атәылахьчара аминистрс.
Ианашьан асоветтә орден "Аџьазы Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара, Аԥсни Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгылеи рорденқәеи рмедалқәа жәпакы, Авиациаҿи акосмонавтикаҿи ауаҩы ипроблемақәа жәларбжьаратәи ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылас дыҟан. Аинрал-маиор ԥхьатәа. Иара ихьӡ ануп "Авиациа ахаҿқәа ренциклопедиа".