Аԥсны

Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аԥхьарбара ҟалоит Ханты-Мансииск афестиваль аҿы

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аԥхьарбара мҩаԥысуеит XXII жәларбжьаратәи афестиваль "Амца адоуҳа" аҿы хәажәкыра 23 рзы Ханты-Мансииск. Абри атәы аанацҳауеит "Ленфильм" асоциалтә ҳақәа рҿы.
Афестиваль атема — "Амилаҭтә кинематографиа иҷыдоу абызшәа". Ажиури идырбахоит урыстәылатәии даҽа 10 тәылаки рҟынтәи арежиссиорцәа ркиносахьақәа.
Ари Гармелиа раԥхьатәи зметраж дуу ифильм ауп. Иара еиҭеиҳәоит Аԥсны 2000 шықәсақәа рынҵәамҭазы инхоз араса аазрыхуаз ҭаацәарак рҭоурых.
"Сара исҭахын ирыцәтәыму акультура иаланхо аҭаацәа рҭоурых еиҭасҳәар, аха афильм уи акәым изызку. Асценари иҟаҵәҟьоу ауаа ирыхҩылаауп, урҭ сара издыруан, иахьагьы исгәалашәоит", — иҳәеит арежиссиор.
Ԥшьҩык афырхацәа хадақәа ррольқәа нарыгӡеит урыстәылатәи актиорцәа, егьырҭ арольқәа зегьы ихәмаруан Аԥснытәи артистцәа.