Урыстәыла

Путин: америкатәи архәҭақәа Украина ицәырҵыр иқәылаҩцәаны иҳаԥхьаӡоит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Америкатәи архәҭақәа Украина ицәырҵыр иқәылаҩцәаны иҳаԥхьаӡоит, абри атәы иҳәеит Владимир Путин ажурналист Дмитри Киселиов аинтервиу анииҭоз.
"ЕАА рырхәҭақәа шалырымгало азы аҳәамҭа ҟарҵеит. Ҳара иаадыруеит америкатәи архәҭақәа урыстәылатәи аҵакыраҿы — ишқәылаҩцәоу. Украина ицәырҵыргьы ус ҳарзыҟазаауеит. Даргьы уи еилыркаауеит", — иҳәеит Владимир Путин.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Дмитри Киселиов ииҭаз аинтервиу аҿы атәыла ахада азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, Мраҭашәара аганахьала иҟоу ашәарҭара ҿыцқәа ахҳәаа риҭеит.