АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Урыстәыла амҩеихысырҭаҿ игылаӡам, аҿиара астратегиа мҩа иануп, аныҵрагьы агәы иҭаӡам, абас иҳәеит Владимир Путин Дмитри Киселиов ииҭаз аинтервиу аҿы.
Иалкаау:
Адәныҟатә политика:
Мраҭашәара еилыркааит аибашьра адәаҿы Урыстәыла астратегиатә ҵархара шзалмыршахо. Ажәлар реидгылара аҿаԥхьа имчыдоуп.
Урыстәыла аиҿцәажәара иазыхиоуп, аха урҭ аҵаҵӷәы рымазароуп, апсихотроптә маҭәашьарқәа здызкылаз иҭаххарақәа ирыхьмырԥшыкәа.
Урыстәыла Мраҭашәара аиҟәшара агәы иҭаӡам, уи иара ахала иҟанаҵоит.
Урыстәыла аиадертә триада иахьазы еиҳау ыҟаӡам.
КЖәДР аиадертә ҳаргь амоуп. Урҭ ҳара акагьы азы иаҳмыхәацт.
Урыстәыла аҩнуҵҟа:
Урыстәыла ашәахтә аихшара еиҳа ииашаны иҟазароуп. Аилахәырақәеи еиҳа зырҳауа ауааи абиуџьет ахь еиҳаны иршәалароуп азеиԥшмилаҭтә усқәа рыӡбаразы.
Иахьазы иус хаданы иҟоуп — аџьа алҵшәа аизырҳара.
Урыстәыла уаҵәтәи амш ахәыҷқәа роуп. Уи еиҿызкаауа итехнологиатәу ҳаамҭазтәи аекономикоуп, ҭҵаарадырроуп, техникоуп, генетикоуп.
70% ахацәеи 72% аҳәсеи ҩыџьеи инареиҳани ахшара рымазар рҭахуп, аҳәынҭқарра адгылара арҭалароуп. Фышықәса рыҩнуҵҟа абри аус иазоужьхоит 14 трлн мааҭ.
75 млрд мааҭ рзоужьхоит ахшара еиҳа имаҷны иахьиуа арегионқәа. Аиҳарак арахь иаҵанакуеит Урыстәыла агәы, Аҩада-Мраҭашәаратәи ахәҭа.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Дмитри Киселиов аинтервиу ииҭеит ателеканал "Россия 1", амаҵзура РИА Новости рзы. Аинтервиу аҿы атәыла ахада азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, Мраҭашәара аганахьала иҟоу ашәарҭара ҿыцқәа ахҳәаа риҭеит.