Аԥсны

Арухааи Кесековеи Жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭоркестр аконцерт иалацәажәеит

Sputnik
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр хәажәкыра 14 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны аконцерт мҩаԥнагоит. Уи иаҭаауа алшара рымоуп аԥсуа мелодиақәа рнаҩс аҳәаанырцәтәиқәагьы рзыӡырҩра. Урҭ аԥсуа милаҭтә рҳәагақәа иахьынӡарыцааиуа, арепертуар шалԥшааз, аконцерт шаҟа аамҭа ицо, акомпозициақәа рхыԥхьаӡара атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит аоркестр анапхгаҩы Денис Арухааи уи алахәыла, аԥхьарцарҳәаҩы Софиа Кесековеи.
Аконцерт алагоит асааҭ 18 рзы, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Шәахәаԥш арадиосутдиаҟынтәи инарҭбаау аиҿцәажәара.