Аусмҩаԥгатәқәа нап аҳаркхьеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Шьоууа. Лаҵарамзазы ацәаӷәарақәа зҭаху ауаа маҷуп, урҭ рхыԥхьаӡара еиҳазар ҳҭахын, еиҳарак иааиуа ауҭраҭых ҟазҵо роуп ҳәа иҳәеит иара.
"Иахьатәи ала гектарк адгьыл ацәаӷәара 5 300 мааҭ ақәуп, аха уигьы адгьылқәа зеиԥшроу еиԥш, иҟоуп амашьына анеира ахьыуадаҩу, убри аан абылтәы ахә аҽаԥсахуеит, наҟ-наҟ ишыҟало макьана иҳаздырӡом. Атракторқәа реибыҭаразы амаругақәагьы рыхә халеит. Уажәазы хәба еиқәыршәаны иҳамоуп, аха иаадкыланы 15 трактор ҭаҳгартә ҳаҟоуп", - ҳәа иҳәеит Шьоууа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.