Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина Авдеевтәи ахырхарҭаҿы имҩаԥнагаз аа-жәыларак аԥырҟәҟәауп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Авдеевтәи ахырхарҭаҿы Украина Арбџьармчқәа ажәыларатә гәыԥқәа ааба ржәылара аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аӷа ицәыӡит акәылӡмашьынақәа хԥа, БМП Bradley назлоу, автомашьынақәа жәба, агаубица Д-30, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-36.
Уи адагьы, ар ргәыԥ "Центр" ДЖәР аиланхарҭа Тоненькое аҿы 107-тәи аҵакырахьчаратә бригада аруааи атехникеи ааха ӷәӷәа рырҭеит.
Аоперациа ҷыда иалагазар иҭархоуп украинатәи ҳаирпланқәа – 577, авертолиотқәа – 269, аԥырҩы дызҭам ахархәага – 15498, азениттә ракетатә комплексқәа – 485, атанкқәеи еиуеиԥшым аибашьыга техникеи – 15481, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 1238, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 8 406.