Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәхьеит 45,02%

Алхрақәа хымш ицалоит — хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Урыстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәхьеит 45,02%, абри атәы аанацҳауеит Алхратә комиссиа хада.
Асааҭ 15:13 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Урыстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәхьеит 45,02%.
Иазгәаҭоуп ԥшь-миллионҩык рҟынӡа алхыҩцәа рыбжьы арҭеит онлаин афедералтә платформа ала.
Абжьыҭара мҩаԥысуеит хәажәкыра 15, 16, 17 рзы. Алхрақәа ирылахәуп ԥшьҩык акандидатцәа – Леонид Слуцки, Николаи Харитонов, Владислав Даванков, Владимир Путин.
Абжьыҭара алшоит Аԥсны аҵакыраҿгьы. Хәажәкыра 17 рзы ареспублика араионқәа зегьы рҟны иаартхоит алхырҭатә ҭыԥқәа 30. Урыстәыла ахада далырхыр рылшоит урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, абжьыҭара аҽны 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны ауааԥсыра. Абжьыҭаразы ирымазароуп Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы, аҿҳәара цахьазаргьы.