Урыстәыла ахада иалхрақәа

Ԥлиа еиҭеиҳәеит Урыстәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа рделегациа Урыстәыла аҳҭнықалақь иаҭааит Урыстәыла ахада иалхра ахылаԥшра ахалархәразы. Аделегациа иалахәуп Адгур Ҳаразиа, Ахра Ԥачлиа, Бадрик Ԥлиа, Вадим Бжьаниа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада иалхрақәа еилагарада имҩаԥысуеит, аԥсуа делегациа уадаҩрак ыҟаны ирбом, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Жәлар Реизара адепутат Бадрик Ԥлиа.
Адепутатцәа ирҭааит алхратә ҭыԥқәеи ВДНХ иҟоу акандидатцәа Николаи Харитонови Виачеслав Даванкови рштабқәа. Уаҟа аилагарақәа азгәаҭамызт.

Ԥлиа иажәақәа рыла, аԥсуа депутатцәеи Афедерациа Ахеилаки еиԥылеит. Аиқәшәара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит иҳәеит иара.

Алхрақәа хымш ицалоит — хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа. Алхрақәа ирылахәуп ԥшьҩык акандидатцәа – Владимир Путин, Леонид Слуцки, Николаи Харитонов, Владислав Даванков.
Урыстәыла ахада иалхрақәа
Урыстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәхьеит 45,02%