Урыстәыла ахада иалхрақәа рзы Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа 30 аартуп. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны ахәбатәи абжьаратә школ ахыбраҟны еиҿкаау алхратә ҭыԥ аҿы абжьыҭара шымҩаԥысуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит алхратә комиссиа алахәыла Нелли Ҭаркьыл.
"Ари аамҭазы хышәҩык раҟара рыбжьы рҭихьеит, агәарангьы ирацәаҩны иқәгылоуп. Иааихьо зегьы ргәы иаахәаны ишааиуа убаратәы иҟоуп. Аилагара ҳәа акгьы ыҟам. Сгәы иаанагоит ахәылбыҽха асааҭ 8 рҟынӡа ибзианы абжьыҭара рхы аладырхәып ҳәа. Ажәлар иааҟәымҵӡакәа ааира иаҿуп", - лҳәеит Ҭаркьыл.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.