Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны ишымҩаԥысыз

Sputnik
Урыстәыла ахада иалхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартын аамҭеихша инақәыршәаны. Атәыла ауааԥсыра шьыжьнаҵы алхырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит. Агәаран иқәгылазгьы ҟалеит.
Алхрақәа актәи амш азы урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада иалхраз аҽҳәараанӡатәи абжьыҭара ихы алаирхәит.
Иара убас Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭираан рыбжьқәа арҭеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа ахантәаҩы Абессалом Кәарҷиа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Алхрақәа хымш ицоит — хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа. Алхрақәа ирылахәуп ԥшьҩык акандидатцәа – Владимир Путин, Леонид Слуцки, Николаи Харитонов, Владислав Даванков.
1 / 10

Алхрақәа хымш имҩаԥысуан — хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа. Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа аартын хәажәкыра 17 рзы.

2 / 10

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәыла ахада иалхразы абжьыҭара ихы алаирхәит.

3 / 10

Аԥсны араионқәа зегьы рҟны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа 30.

4 / 10

Аԥсны инхо урыстәылауаа иаартыз алхырҭатә ҭыԥқәа 30 ирҭаарц рылшон.

5 / 10

Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны инхо ауааԥсыра рзы ныҳәак иаҩызахеит.

6 / 10

Атәыла ауааԥсыра шьыжьнаҵы алхырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит. Агәаран иқәгылазгьы ҟалеит.

7 / 10

Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартын аамҭеихша инақәыршәаны.

8 / 10

Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны азинлеишәа хылаԥшра арҭон 230-ҩык Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа.

9 / 10

Алхрақәа рахь иааиуа ауаа ргәалаҟазаара бзиоуп, ныҳәак еиԥш иазыҟоуп рҳәон алхратә комиссиа алахәылацәа.

10 / 10