Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәхьеит 70% ауаа

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәхьеит 70%, абри атәы аанацҳауеит Алхратә комиссиа хада.
Уажәтәи аамҭазы иҟоу адыррақәа рыла, Урыстәыла ахада иалхрақәа рхы аладырхәхьеит 70%.
Абжьыҭара мҩаԥысуеит хәажәкыра 15, 16, 17 рзы. Абжьыҭара алшоит Аԥсны аҵакыраҿгьы. Хәажәкыра 17 рзы ареспублика араионқәа зегьы рҟны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа 30.
Урыстәыла ахада далырхыр рылшоит урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, абжьыҭара аҽны 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны ауааԥсыра. Абжьыҭаразы ирымазароуп Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы, аҿҳәара цахьазаргьы.