Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Џьопуа-Папба ақыҭа аԥсҭазаара дшашьцылаз иазкны

Sputnik
Ешыра инхо Нанули Џьопуа-Папба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭаҿы анхара дшашьцылаз атәы, уажәы лышьыжь шалаго, насгьы амбулатортә пункт аҿы лусура шеиҿкаау.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.