Аԥсны

Бедиа ақыҭан ҩ-еихагылак змоу ахатәыҩны блит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Бедиа ақыҭан ҩ-еихагылак змоу ахатәыҩны блит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Денис Кәыҵниа.
Уажәазы иҟоу адыррала, аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара" ԥҵәан, ақыҭауаа рыҩнқәа рахь инеиуаз афымцацәаҳәақәа ирықәҳаит. Уи иахҟьаны абылра ҟалеит. ⠀
"Асааҭ 08:15 рзы адырра ҳауит аҩны амца акит ҳәа, аҭыԥ ахь аҷаԥшьаҩцәа неит, аха аҩны амца иамҽханакхьан. Уи аиқәырхара залыршамхеит", – иҳәеит Кәыҵниа.
Иҟоу адыррала, ауааԥсыра ранахьала ӡәгьы ааха имуӡеит.