Урыстәыла ахада иалхрақәа

Владимир Путин аԥыжәара имоуп Урыстәыла ахада иалхраан аԥкаанҵақәа 99,65% ргәаҭара ашьҭахь

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Владимир Путин аиааира агара даҿуп Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы 87,32% абжьқәа иманы аԥкаанҵақәа 99,65% аус анрыдырула ашьҭахь.
Алхратә комиссиа хада адыррала, Николаи Харитонов имоуп 4,30% абжьқәа, Владислав Даванков — 3,82% абжьқәа, Леонид Слуцки — 3,20%.
Аҳәаанырцә абжьыҭира иалахәыз абжьқәа рахьтә 90% биуллетень аус рыдулоуп, уаҟагьы Владимир Путин аԥыжәара имоуп лҳәеит Мариа Захарова.
"Иахьа асааҭ 8:30 рзы москватәи аамҭала, заанаҵтәи адыррақәа рыла, алхрақәа ирылахәын 372 нызқьи 779-ҩык, аха арҭ адыррақәа макьана рҽырыԥсахуеит.