Урыстәыла ауаажәларра Владимир Путин имҩаԥиго аполитика ишадгыло атәы аадырԥшит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы аполитолог.
"Иубаратәы иҟоуп Владимир Путин еиԥш аҩаӡара змоу аполитик Урыстәыла дшыҟам, иара аҳәаанырцәынтәи ақәыӷәӷәара иоуазаргьы, ауаажәларра атәыла аҩнуҵҟа акзаара аадырԥшит", - ҳәа иҳәеит Ҳагба.
Аполитолог игәаанагара иҳәеит ас еиԥш алҵшәақәа рааԥшра зыбзоурахаз.
"Урыстәыла иамоуп аихьӡарақәа. Акы - иара имҩаԥнаго аоперациа ҷыдеи аекономка аганахь алеи. Урыстәыла аилаҳара атәы зҳәоз, ақәыӷәӷәара мҩаԥызго атәылақәа рекономика еиҳа, Урыстәыла аекономика арбагақәа еиҳахеит. Ари Владимир Путин имҩаԥиго аполитика иабзоурахеит. Уи азгәаҭаноуп рыбжьгьы ширҭазгьы", - иҳәеит Ҳагба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.