Аԥсны

Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи Аҟәатәи араионтә биуџьет аԥаразшәара дырмаҷыр алшоит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи Аҟәатәи араионтә биуџьет аԥаразшәара 37 миллион мааҭ иладырҟәыр алшоит. Абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура, уи иахьалацәажәоз аилак адыррақәа шьаҭас иганы.
Акомитеттә еилатәара алҵшәақәа рыла адепутатцәа аӡбамҭа рыдыркылеит "2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет" азакәан аԥсахрақәа рзы иааиуа асессиа аилатәараҿ актәи аԥхьараҿ рыбжьы рҭиирц. Иазгәаҭоуп аԥарақәа Аҟәа араион аргылара-рҽеиратә усурақәа ирызку "аргыларақәа" аҟәшахьы аиагара.
Арҽеирақәа инарықәыршәаны абиуџьет адефицит 100 миллион мааҭ еизырҳахоит, иара убасгьы арҭ аԥарақәа дәықәҵахоит аҟәша "аргыларақәа" ахь.