Урыстәыла ахада иалхрақәа

Донецктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа х-танкк ҭадырхеит

Урыстәылатәи Арбџьармчқәа арратә операциа ҷыда иацырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Донецктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа х-танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аимнистрра.
Авдеевтәи ахырхарҭаҿы аконтрбатареиатә ҿагылараан иҭархан: зхала иныҟәо артшьақәгыла М109 Paladin, агаубица "Мста-Б", ҩ-гаубицак Д-20, абзарбзан Д-30, абзарбзан МТ-12 "Рапира".
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 577, авертолиотқәа 270, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 16135, азениттә ракетатә комплексқәа 486, атанкқәеи еиуеиԥшым аибашьыга атехникеи 15534, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 1244, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 19933.