Абаҟа ахьыргылахо аҭыԥ аҿы ааигәа аргылаҩцәа аус руан, сгәы иаанагоит ари ашықәс иалагӡаны иара ргылахоит ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҿы Лагәлаа.
"Абаҟа ргылахоит ақыҭа ахадара азааигәара, аибашьра Ду аан иҭахаз рбаҟа ахьгылоу аганаҿы. Апроект ахаҭа мазеины иҟоижьҭеи ԥыҭк ҵуеит. Ажәлар иргәаԥхоит. Аибашьраан Река ақыҭантә иҭахеит 9-ҩык, иара уи ашьҭахьгьы зуалԥшьа анагӡараан иҭахаз аҷкәынцәа рыхьӡқәа уи акомплекс аҿы иарбахоит, иара убасгьы, Лаҭа икаҳаз авертолиот иҭаблызгьы. Уажә аԥхьагьы иааны ирҳәалон абаҟа шдыргыло атәы, аха уи ус баша цәажәараны иаанхон, сынтәа ҳақәдыргәыӷит", - ҳәа иҳәеит Лагәлаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.