Урыстәыла ахада иалхрақәа

Путин: иалҳхыз аҭоурыхтә мҩа ҳшеицану ҳнеилоит

Атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 15, 16, 17 рзы. Аиааира игеит Владимир Путин, 87% абыжьқәа иманы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Атәыла ахада иалхрақәа реихшьаала иаанырԥшит, урыстәылатәи ажәлар атәылаҿ имҩаԥысуа аполитикеи аекономикеи адгылара шарҭо ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
"Ааигәа сызлацәажәоз анашьҭымҭаҿ (Афедералтә еизарахь анашьҭымҭа – азгәаҭа), инарҭбаау амилаҭтә проектқәа рынагӡаразы иалшоны иҟоу зегьы наҳагӡоит. Алхрақәа иаадырԥшит атәыла ҭаацәаракны ишыҟоу. Иалҳхыз аҭоурыхтә мҩа ҳшеицану ҳнеилоит", – ҳәа иҳәеит иара.
Путин иазгәеиҭеит, ажәлар ирҭаз агәрагара иҭакԥхықәра ишацло урҭ рыԥсҭазаара аиӷьтәразы.
Урыстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуан хымш, хәажәкыра 15, 16, 17 рзы. Алхрақәа рхы рыладырхәит 87,5 миллионҩык ауааԥсыра, 388 нызқьҩык инареиҳаны урыстәылауаа рыбжьы рҭииҭ аҳәаанырцә. Аихшьаалақәа рыла Владимир Путин иоуит 87,28% алхыҩцәа рыбжьқәа. 87,5 миллионҩык алхыҩцәа ахьыҟаз 76,2 миллионҩык иара изы рыбжьы рҭиит.