Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла АКХ атәыла ахада иалхрақәа рзы аофициалтә еихшьаалақәа ҟанаҵеит

Аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Урыстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуан хымш, хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Урыстәыла Алхратә комиссиа хада атәыла ахада иалхрақәа рзы аофициалтә еихшьаалақәа ҟанаҵеит.
Владимир Путин аиааира игеит, иара иоуит 87,28% алхыҩцәа рыбжьқәа. 87,5 миллионҩык алхыҩцәа ахьыҟаз 76,2 миллионҩык иара изы рыбжьы рҭиит.
Николаи Харитонов иоуит 4,31%, Владислав Даванков - 3,85%, Леонид Слуцки - 3,20%.
Урыстәыла ахада иалхрахь инеиз рхыԥхьаӡара 77,49% инаӡеит ҳәа лҳәеит Алхратә комиссиа хада аиҳабы Елла Памфилова.
"Иахьатәи Урыстәыла аҭоурых аҟны ас еиԥш арбагақәа ҟамлацызт", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Аҳәаанырцә атәыла ахада иалхра рхы аладырхәит 388 791 урыстәылауаа.
Урыстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуан хымш, хәажәкыра 15, 16, 17 рзы. Аԥсны абжьыҭарақәа еиҿкаан амҽыша, хәажәкыра 17 рзы.