120 шықәса раԥхьа хәажәкыра 22 рзы Аботаникатә баҳча адгьылҵакыраҿы иргылахеит раԥхьатәи аҳауагәаҭаратә станциа. Уи аҭоурыхи, иахьа аҳауагәаҭаратә станциақәа Аԥсны рыҟамзаара ицәырнаго ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит хтәыла адгьылҭҵааратә еилазаара ахада Леуард Барцыц.
Барцыц иажәақәа рыла, 30-тәи ашықәса рзы Аԥсны иҟан 97 ҭыԥ аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргон, ақалақьқәа рҿы ада астанциақәа аус руан ақыҭақәа рҿы, иахьа акәзар цыракгьы гылам, азгәеиҭеит иара. Барцыц иҳәеит, урыстәылатәи рколлегацәеи дареи ашьхатә ҭыԥқәа рҿы иргыланы ишрымоу асыԥсақәа зхысуа аҽеиҭакрақәа гәазҭо. Иара убри алагьы еилкааны ирымоуп, ашьхараҿы илеиуа асы шмаҷхаз, сынтәатәи аӡын азгәаҭарақәа мҩаԥыргоижьҭеи зегьы реиҳа иԥхарран.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.