Урыстәыла

Москватәи аобласт агубернатор: "Крокус" амца аиҳарак ырцәоуп, аха џьара-џьара ихәыҵҟьоит

"Крокус Сити холл" ахыбра амца акит имҩаԥгаз атеракт иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Амца аиҳараӡак ырцәоуп, аха џьара-џьара иахьхәыҵҟьо ыҟоуп иҳәеит Москватәи аобласт агубернатор Андреи Воробиов.
"Крокус сити холл" аҿы амца арцәара иадԥхьалан 477-ҩык ауааи 183 ак атехникеи.
Воробиов иажәақәа рыла, аиқәырхаҩцәа ирылшеит ахәаԥшцәа ахьтәоу азал ахь аҩналара, уа акыр аамҭа амца шоура ӷәӷәа ҩнан, абылра ахьыҟалаҵәҟьаз уа акәын. Азал аҿы аҭуан бганы икаҳаит.
"Крокус" аҿы амцакра амҽхак 12 900 мтер ԥшьыркца иҟан.