Урыстәыла

"Крокус" иҭахаз ауаа 133-ҩык рҟынӡа инаӡеит

"Крокус Сити холл" аҿы атеракт мҩаԥган хәажәкыра 22 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. "Крокус Сити холл" аҿы абыржәтәи аамҭазы 133-ҩык шҭахаз еилкаауп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилак аҿы.
Татиана Голикова ишылҳәаз ала, абыржәтәи аамҭазы ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп 107-ҩык аахақәа зауз, урҭ рахьтә хҩык хәыҷқәоуп, урҭ руаӡәк аӡәы иҭагылазаашьа бааԥсуп, ҩыџьа ртәы уадаҩуп, адуцәа рахьтә 15-ҩык рҭагылаазашьа бааԥсуп, 42-а ртәы уадаҩуп.