Урыстәыла

"Крокус Сити холл" аҿы иҟалаз атеракт аан иҭахаз рхыԥхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡеит

"Крокус Сити холл" аҿы атеракт мҩаԥган хәажәкыра 22 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла "Крокус Сити холл" аҿы иҟалаз атеракт аан иҭахаз рхыԥхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Урҭ рхыԥхьаӡара макьаннагьы иацлар алшоит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
▪️Ахәышәтәырҭаҿ ишьҭарҵеит 115-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык – хәыҷқәоуп, 60-ҩык адуцәеи хәыҷыки рҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминист Михаил Мурашко.