Аԥсны

Аԥсны абираҟқәа лашьҭуп "Крокус" атеракт аан иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыр азы

Аслан Бжьаниа иусԥҟала хәажәкыра 24 Аԥсны илахьеиқәратә мшны ирылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп атәыла аҳәынҭқарратә хыбрақәа рҟны Подмосковие "Крокус" атеракт аан иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыр азы.
Иара убас абираҟ лашьҭуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿгьы. Аԥсны атәылауаа уахь инаргоит ашәҭқәа, ахәмаргақәа.
Аконцерттә зал "Крокус Сити Холл" аҿы атеракт ҟалеит ахәаша ахәылбыҽха, асааҭ 22 рзы. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 137-ҩык ҭахеит, 154-ҩык ахәрақәа роуит. Аиқәырхаҩцәа уажәраанӡагьы аилабарақәа ықәыргоит.
Аслан Бжьаниа иусԥҟала хәажәкыра 24 Аԥсны илахьеиқәратә мшны ирылаҳәоуп.