Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гочуа Пицунда еиҿкаау арахәааӡарҭа иазкны

Sputnik
Ҳаамҭазы ақыҭанхамҩа иадҳәалоу анаплакқәа рхыԥхьаӡара еизҳауа иалагеит ҳтәылаҿы. Ганкахьала уи зыбзоуроу Ақыҭанхамҩа аминистрра имҩаԥнаго апрограммоуп, даҽа ганкахьала, ауааԥсыра еилыркаауеит ари ахырхарҭа аҿиара шаиуа аԥхьаҟа. Арахә ааӡаразы Пицунда Лӡаа ақыҭа рхатә ус еиҿкааны ирымоуп Хагәышьаа рҭаацәа. Арахәааӡарҭа ахылаԥшҩы Руслан Гочуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ари аус уадаҩрақәас иацу, иахьазы рнапы злаку, иахьынӡанаргахьоу атәы.
Иахьазы афермаҟны ажәхьақәа 100 хык инарзынаԥшуеит, иааизакны арахә хышә хы рҟынӡа рымоуп иҳәеит Гочуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.