Урыстәыла

"Крокус Сити Холл" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 137-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Подмосковиетәи Красногорск аҿы аконцерттә зал "Крокус Сити Холл" аҿы атеракт ҟалеит хәажәкыра 22 рзы ахәылбыҽха.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. "Крокус Сити Холл" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 137-ҩык рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы.
"Абыржәтәи аамҭазы иҭахаз рхыԥхьаӡара 137-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, урҭ рахьтә хҩык хәыҷқәоуп. Аҭыԥ агәаҭара макьана иаҿуп", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
"Крокус" атеракт ҟарҵеит ҳәа гәҩарас ирымоу ԥшьҩык ахацәа наргеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ахыбрахь. Ашьаусԥшааҩцәа урҭ дырбаандаҩырц ашәҟәқәа еиқәдыршәоит.
Атеракт аҭыԥан аусҭҵаарақәа цоит. Иқәылоз иртәыз аџьаԥҳаны 4 комплектк, 500 патрона, 28 хҭра, Калашников иавтоматқәа ҩба ылгоуп.
Гәҩарас ирымоу рмашьынаҿы ирбеит Макаров итапанчем Калашников иавтомат азы ахҭрақәеи. Абџьар зегьы азы аекспертиза азгәаҭоуп.
Аминақәа рышьҭамҭа рымбеит.