Урыстәыла

"Крокус Сити Холл" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 139-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. "Крокус Сити Холл" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 139-ҩык рҟынӡа инаӡеит, абри атәы Владимир Путин иеиҳәеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин.
Подмосковиетәи Красногорск аҿы аконцерттә зал "Крокус Сити Холл" аҿы атеракт ҟалеит хәажәкыра 22 рзы ахәылбыҽха.
Басмантәи аӡбарҭа аӡбрала "Крокус" аҿы атеракт иалахәын ҳәа иԥхьаӡо ԥшьҩык дырбаандаҩит.
Урыстәыла
"Крокус" аҿы атеракт иалахәыз ҳәа иԥхьаӡо ԥшьҩык дырбаандаҩит