Арадио

Маршьан: ақыҭа ыҟамкәа ақалақь узышьақәыргылом

Sputnik
Отаԥ инхо Мухран Маршьан занааҭла абна хылаԥшҩуп, иара арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп" аҿы еиҭеиҳәеит аҩны арахә, аԥсаса, ашьамаҟа нҵаны ишрымоу, урҭ агыгшәыг рганахьала иахьынӡахьчоу, ааԥын аамҭазы уажәы руҭрақәа, рбаҳчақәа рҿы усс инарыгӡо, аҟаб ааӡара иацу афеида ртәы.
"Аԥсуа қыҭа ыҟамкәа, ақалақь ҳзыргылаӡом, иаҳзышьақәыргылаӡом. Уи аҩнқәа ргыланы иҳарԥшӡаргьы, ақыҭа иалахәымкәа иахьа ақалақь аҿы анхара хәыҷык имчуп. Зегьы ҳаицхыраар ҳ-Аԥсны шьақәҳаргылоит, амала ақыҭа ахаҵгылара аҭахуп", - иҳәеит Маршьан.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.