Араион аҿы ацәаӷәара ашыкьамҭа мшаԥымзоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Каҷабаа.
"Аҽеиқәыршәара ҳаҿуп, аха абылтәы ахә аҽеиҭанакуеит, аҳәынҭқарра аҟынтә иақәу ахә атрактор иақәтәоу ргәы канажьуеит, аха анхаҩцәагьы рҭагылазаашьа еилаҳкаауеит. Атехника иаҭаху амаругақәа рзы ақыҭанхамҩа иаҳҭахьан азыҳәақәа. Урҭ ацхыраара ҳарымҭар, ҳхала акгьы ҳзыҟаҵаӡом. Араион ахахьы иагоит зҭагылазаашьа цәгьоу аҭаацәарақәа рзы адгьыл ацәаӷәара. Ҵыԥх ус еиԥш 86 гектар цәаӷәан, сынтәагьы шәкы рҟынӡа ҳәа ацәажәара ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Каҷабаа.
Гәылрыԥшь араион амашьына-трактортә станциа аиҳабы иажәақәа рыла, атехника аус адызуло зегьы рықәрахь ишнеихьогьы, ртехника хылаԥшра арҭоит. Аҿар уи аус ахь инеиӡом, алҵшәа рбаӡом иҳәеит Каҷабаа
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.