Иааидкыланы Аԥсны иахьаҵанакуа Асовет мчра шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп хәажәкыра 28 рзы. Ари амчра иаҳзыннажьыз аполитикатә культура, атрадициақәа рзы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Асовет мчра иаанагаз аполитикатә традициақәа кажьтәӡам ҳәа агәаанагара имоуп аполитолог. Иара иажәақәа рыла, усҟан ахҭысқәа шыҿиаз еиԥш иҟамлазҭгьы, даҽа мчрак аиааира агазҭгьы, Аԥсны даҽа ԥеиԥшк аиур ҟалон.
"Амилаҭқәа иқәынхоз Урыстәылатәи аимпериаҿы ареволиуциа ҟалаанӡа даара ирацәан, џьара-џьара убас иҟалеит, Асовет мчра шьақәгылеит, аха аҳәынҭқарратә форма, шьақәгылашьа амилаҭқәа зегьы ирмоуӡеит. Асоветтәра аԥкрақәа амазаргьы, ареспублика автономтә хаҿра аиуит. Аидеологиа аганахьала уахәаԥшуазар, асоветтәра аамҭазы аҵара шьҭыхын. Аҩыра змамыз амилаҭқәа, ироуит ус еиԥш алшара, иара убри алагьы ишьақәгылеит ркультура, рдырра, рҵара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳагба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.