АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы иаԥыхьашәеит "Крокус" атеракт ҟазҵази украинатәи анационалистцәеи шеимадоу азы аршаҳаҭгақәа.
"Ашьаусԥшаара иаԥыхьашәеит Украинантәи аԥареи акриптовалиутеи рацәаны атеракт ҟазҵаз рахь ишаашьҭыз атәы зҳәо ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа", — ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Атеррористцәа аԥара рыҭара далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу аӡәы даанкылоуп. Ашьаусԥшааҩцәа уи дырбаандаҩызарц аӡбарҭа иазыҳәоит.