Аԥсны

Афонд "Ашана" Сабина Ԥачлиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Афонд "Ашана" Сабина Ԥачлиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит.
Сабина асколиоз лымоуп, рваҵкьарақәеи лгәы абыцаҟьеи еиҵаԥоит, уи амшала лыҩнуҵҟатәи лцәеижьхәҭақәа рҭагылазаашьа еиҭашәоит.
2019 шықәсазы раԥхьатәи аоперациа азыруит лыбӷашшара, аметал иалху аштифқәа рыла, 2021 шықәсазы аконструкциа аҭыԥ еиҭаркит.
Уажәы еиҭах Сабина ари аҩыза акоррекциа лзыҟаҵатәуп, уи азы еизгатәуп 135 286 мааҭ.
Ацхыраара шыҟашәҵаша ателеграм-канал @fondashana ма афонд асаит аҿы еилышәкаар шәылшоит.