Арадио

Қәҭелиа иҳәеит ашколхәыҷқәа ролимпиадаҟны ҿыцрас иалагалаз атәы

Ашколхәыҷқәа рреспубликатә маҭәартә олимпиада мҩаԥысуеит Аҟәа. Рхы ахьԥыршәо амаҭәарқәа арбану, сынтәа знеишьа ҿыцс иҟоу, аолимпиада алҵшәақәа анеилкаахо атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ауаажәлар рымадаразы Аԥсны аҵара аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Sputnik
Сынтәа ареспубликатә амаҭәартә олимпиадаҟны ашколхәыҷқәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа рҟны рхы ԥыршәарц иаҳа иманшәалоу алшара рзаԥҵоуп, ихәеит Қәҭелиа.
"Иаҳҳәап, ҵыԥх аԥсшьарамшқәа ирылагӡаны аолимпиада хҳаркәшозҭгьы, сынтәа аамҭа иацҵоуп. Уи ззынархоу - ашколхәыҷқәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа рҟны рхы аадырԥшырц алшара рыҭара ауп. Егьырҭ ашықәсқәа рзы еицымҩаԥысуан аматематиказы, абызшәазы аолимпиада. Аҵаҩы иаарласны абызшәаҟны ихы аарԥшны, дыҩны аматематика иҽахьигӡар акәын", – иҳәеит Қәҭелиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Сынтәа 800-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа алахәуп амаҭәартә ареспубликатә олимпиада.