Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аруаа украинатәи аҳаирпланқәа Су-25-қәа хԥа ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи Николаевсктәи аоблост Вознесенск аеродром аҟны иҭадырхеит Украина аҳауамчқәа иртәу х-самолиотк Су-25. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

Иара убасгьы иҭархоуп: изырлашози ацәҟьа иақәызкози арадиолакатор, аибашьыгатә машьына, азениттә ракетатә комплекс С-300 шьақәгылақәа хԥа, абџьар шыҩназ аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа ҩба, иара убас ааха рыҭоуп адронқәа ахьеибырҭози иахьыҵәахызи ауасҭарҭа, 126 раион рыҟны арратә техникеи аруааи.

Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 580 ҳаирыплан, 270 вертолиот, 17951 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 492 зенит-ракетатә комплекс, 15650 танки акәылӡымашьынеи, 1258 реактивтә система, 8594 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи.