Аԥсны

Қаџьаиа еиҭеиҳәеит Бабышьира аӡрыжәтә зауад аартра атәы

Sputnik
Гәылрыԥшь араион Бабышьира ақыҭан аԥаҭлыка иҭоу аӡрыжәтә аҭыжьраз амодультә зауад аргылара иаҿуп. Ари инвестициатә проектуп, зымҽхак ҭбаау анаплакы аартра иабзоураны араион ауааԥсыра рзы иаԥҵахоит хыԥхьаӡара рацәала аусурҭатә ҭыԥқәа. Азауад ахь ирыдыркыло рԥышәа зеиԥшразар ахәҭоу, шаҟа ҭыԥ еиҿкаахо, апроект амҽхаки иззыԥшу алҵшәақәеи, насгьы уи аргылара шыҟалази атәы арадио Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит анаплакы адиректор хада Алхас Қаџьаиа.
Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.