Аԥсны

Александр Чачба иусумҭақәак рбеит иблыз Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра аилыргараан

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Александр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәак рбеит иблыз Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра аилыргараан. Абри атәы Sputnik Иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
Асахьақәа цәыббылны иҟоуп, аха иарбану еилукаартә иҟоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Амадемуазель Бессон лпортрет", "Ахылԥа ҟаԥшь зхоу аԥҳәыс", атеатр азы адекорациақәа рескизқәак иҳәеит Сақаниа.
Уи адагьы, абылра ахьыҟалаз ирԥыхьашәеит акрызҵазкуа Валентина Хәырхәмалԥҳа лусумҭа — аскульптура "Аҽыуаа хәыҷқәа".
Аԥхынра Аԥсныҟа иаараны иҟоуп ақьаад аҿы иҭыху асахьақәа аус рыдулашьа иазҟазоу ареставраторцәа ҳәа азгәеиҭеит Сурам Сақаниа.
Дара ирылшоит иблыз Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбраҿы иԥшааз Александр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа реиқәырхара.