Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Кобахьиа анхаҩы иџьабааи иуреи ахьынӡаҭибаго иазкны

Sputnik
Кәтол Ҭоумышь аҳабла инхо Омик Кобахьиа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп" аҟны еиҭеиҳәеит анхаҩы иџьабааи уи иаалыҵи иахьазы иахьынӡаҭибаго, иҳәеит аџьықәреи зааи акьасеи зылеиҵо атәы, акарпыжә аарыхра инапы шалаку, ақыҭаҿы рхы зланыҟәарго уҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.