Урыстәыла

"Крокус Сити Холл" аҿы атеракт аганахьала агәҩара ззыҟоу ажәабатәи ахаҿы ддырбаандаҩит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аӡбарҭа "Крокус Сити Холл" аҿы атеракт аганахьала агәҩара ззыҟоу ажәабатәи ахаҿы Иакубджони Иусуфзода дарбаандаҩит лаҵарамза 22 рҟынӡа ҳәа аанацҳаит РИА Новости.
Иара аӡбарҭаҿы аиҭагаҩ ила дцәажәон. Иара Ҭаџьықьсҭан атәылауаҩра имоуп, аргыларақәа рҿы аус иуан. Иусуфзода дҭаацәароуп, хҩык ахәыҷқәа драбуп.
"Крокус Сити Холл" аконцерттә зал аҿы ахысреи абылреи ҟалеит ахәаша, хәажәкыра 22 ахәылбыҽха. Иҭахеит 144-ҩык, 550-ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит.
Атеракт иалахәын ҳәа агәҩара ззыҟаз даҽа жәҩык ацәгьоуцәа аӡбарҭа иарбаандаҩхахьеит. Дара зегьы атеракт амҩаԥгара иалахәын ҳәа ахара рыдҵоуп.
Урыстәыла
"Крокус Сити Холл" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 144-ҩык рҟынӡа инаӡеит