Арадио

Хәарцкьиа еиҭеиҳәеит Аҟәа араион аҟны ааԥын адгьыл ақәаарыхра иахьынӡазхиоу атәы

Sputnik
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Инал Хәарцкьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит адгьыл ақәаарыхразы ааԥынтәи аусурақәа араион аҟны иахьынӡазыҟаҵоу.
Иахьазы араион аҟны гектрак иназынаԥшуа адгьыл цәаӷәоуп, анхацәа хадаратәла мшаԥымза агәаны, лаҵарамзазы ауп ианыцәаӷәо, избанзар уаҟа адгьылқәа цәаакуп, имчуп, иҳәеит Хәарцкьиа. Иара иажәақәа рыла, араион амашьына-трактортә станциа 15 трактор аҵанакуеит, урҭ рахьынтә иахьазы 4 аус рыдулара иаҿуп, амаҭәахәқәа ԥсахтәуп, ацәаӷәагақәа 11 рхы иадырхәартә иҟоуп.
"Атехника азы аиҵахара ҳамаӡам, еиҵахарас иҟоу иақәҳартәо арныҟәцаҩцәа роуп. Ауалафахәы амаҷра иахҟьоит уи", - иҳәеит Хәарцкьиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.